Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Анаплакра маҷ кредитла аиқәыршәара азҵаарақәа ирызку аусуратә еилацәажәара

17.06.2015

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит анаплакра маҷ кредитла аиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара Аҧсны акоммерциатә банкқәа рнапхгаҩцәа алархәны.

Аилацәажәара далахәын иара убас Аҧсны Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аилацәажәараан ишьҭыхын акоммерциатә банкқәа Амилаҭтә банк иазнархиаз анаплакра маҷ кредитла аиқәыршәара апрограмма активла ралархәра иазкыз азҵаарақәа. Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари апроект аҳәынҭқарразы аҵакы ду шамоу, иҳәеит акоммерциатә кредиттә усбарҭақәеи Амилаҭтә банки гәацҧыҳәарала аусеицура иалагап ҳәа агәаанагара шимоу атәы.

Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит, рашәара 15 рзы апрограмма актәи ахәҭа Аекономика аминистрраҟны акомиссиахь азыҳәарақәа рнагара аусура шхацырку. Убри аан кредитла реиқәыршәаразы акомиссиа зықәшаҳаҭу апроектқәа ралхразы азин зду акоммерциатә банкқәа роуп. «Ари аамҭахҵәахаан зыӡбахә ҳамоу ахархәаҩцәа рыкредитқәа ракәӡам, - иазгәеиҭеит Амилаҭтә банк Ахантәаҩы. – Ари зынӡа даҽа проектхоит, уи уажәы азырхиара ҳаҿуп, ҭагалан аусура иалаҳаргап ҳәа иазгәаҭаны иҳамоуп».

Акредит аиуразы ашасы ааныжьтәуп. Аҧараҧсахҩы хаҭалатәи наплакҩык иаҳасабала ашәҟәы дҭагалатәуп. «Ари апроект асоциалтә хырхарҭа шамоугьы, акредит азоужьрагьы илаҟәу апроценттә зыҧҵәала ишымҩаҧысуагьы, иеилыркаароуп арҭ аҧарақәа – ҧсахны ишырго, урҭ хымҧада ишырхнырҳәтәу», - иҳәеит инаҵшьны Беслан Бараҭелиа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, апрограмм аихшьалақәа рыла уи ахаҭабзиара ахәшьара аҭара шымҩаҧгахо, қәҿиарала имҩаҧысуазар, апрограмма иацҵахар шалшо.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org