18.06.2015
Аҧсны Ахада Рауль Хаџьымба Аҧсны аҧсылманцәа ирыдиныҳәалеит иҧшьоу Рамадан мза алагамҭа.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар! Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа!
Гәык-ҧсыкала, азеиҕьашьара бзиаӡақәа ацны, ишәыдысныҳәалоит Аҧсны аҳәынҭқарраҿы инхо аҧсылманцәа зегьы иҧшьоу Рамадан мза алагамҭа. Аҧсылман дин хазҵо зегьы Рамадан иадырҳәалоит ауаҩышәара, аламыс, адин амч ду анырреи ихадоу ауаҩытәҩсатә ҟазшьа бзиақәа рырҕәҕәареи.
Уаҩы агәахәара ду инаҭоит ҳтәылаҿы аҧсылман дин ныҟәызго, егьырҭ адинқәа хазҵо зегьы реиҧш, рыхәҭаа ду шаларгало аҭынчреи аизыразреи рус, иеиҵагыло абиҧара апатриотизми, аџьаус абзиабареи рылааӡара. Гәыблыла ишәзеиҕьасшьоит аҧсылман дин ныҟәызго зегьы агәамч ҕәҕәа, аҭынч бзазара, анхамҩа, ақәҿиара дуқәа ҳаҧсадгьыл аизҳазыҕьареи ашәҭыкакаҷреи рыхьӡала напы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы!