11.06.2015
Рауль Ҳаџьымба ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Сҭамҧыл ақ. (Ҭырқәтәыла) имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат иалахәыз IJKA каратэ-до азы аспортсменцәа қәыҧшцәа дырҧылеит.
Аиҧылара иалахәын иара убас Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа, карате-до Аҧсны Афедерациа Ахада Ахра Абыхәба, карате-до Аҧсны Афедерациа Ахантәаҩы Геннади Барцыц.
Ахра Абыхәба Ахада иҟынӡа инеигеит аҧсуа команда IJKA карате-до адунеи ачемпионат аҟны иаиуз аихьӡарақәа ртәы, лымкаала, ҳаспортсменцәа аҩбатәи аҭыҧ азы Сҭамҧылнтәи иранашьаз 15 медали азеиҧшкомандатә кубоки. Уи иазгәеиҭеит аспортсменцәа злахәыз жәларбжьаратәи аицлабраҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ишаҵагылаз, даараӡагьы ибзианы рхы шаадырҧшыз.
Аспортсменцәа аҳәынҭқарра ахада иҭабуп иарҳәеит ачемпионат аҽалахәра рылзыршаз афинанстә цхырааразы, ҳамҭасгьы ирҭеит иргаз акомандатә кубок.
Рауль Ҳаџьымба аспортсменцәа реихьӡарақәа рыхә ҳаракны ишьеит. «Ҳҿаҧхьа ауснагӡатәқәа маҷымкәа иқәгылоуп Аҧсны аспорт арҿиаразы. Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо зегьы ҟанаҵалоит ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рыспорт адгылареи арҿиареи рзы, аспортсменцәа рыдгыларазы», - иҳәеит Ахада.
Рауль Ҳаџьымба аспортсменцәа қәыҧшцәа ирзеиҕьеишьеит аихьӡарақәеи аиааира ҿыцқәеи.