Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рҧылара

10.06.2015

Аҟәа, 15.00

Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи араионтә ассоциациақәа ринвалидцәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит.

Аиҧылара далахәын аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба.

Аиҧылараан ирылацәажәеит Афонд аусура, урҭ ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи, Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы амедицинатә усбарҭақәа рыҟны аибашьра аинвалидцәа рыхәшәтәреи ирыдҳәалаз азҵаарақәа.

Аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Бадри Агрба Ахада аинформациа ииҭеит абиуџьет ахь иааиуа ашәахтә хыҧхьаӡаларақәа шмаҷу, уи Афонд аусуреи аинвалидцәа ианаамҭоу ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи шаруадаҩуа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рыпроблемақәа еиҳа инарҵауланы ганрацәала рыҭҵаара аҭахны ишыҟоу, уи ашьҭахь лҵшәа змоу аҳәынҭқарратә политикала рыӡбара шалыршатәу.

Ахада дақәшаҳаҭхеит аибашьратә хҭысқәа раан ааха змоуз ауаа аибашьра аинвалидцәа рыршаҳаҭга рыҭара шыҟамло атәы. «Афонд аибашьра аинвалидцәа рыцхрааразоуп изаҧҵаз. Ари акатегориа иаҵанакуа атәылауаа ирзынархоу аҧарақәа дара ирықәхарџьзароуп», - иҳәеит Ахада.

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба иара убас иазгәеиҭеит ибааҧсны ишыҟоу аибашьра аинвалидцәа рахь иаҵанамкуа ауаа рыла аинвалидцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара. «Агәаҕьра аарҧшны арҭ асиақәа рҭыҧ рықәҵара ҳалагароуп. Уи аартны иубартә иҟазароуп», - иҳәеит иара.

Аиҧылара иалахәыз иара убас ирылацәажәеит аинвалидцәа рсоциалтә реабилитациа, урҭ усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара, зылшарақәа ҧку ауаа гәыгәҭажьымхарц азы аҭагылазаашьа аҧҵара атәы уҳәа уб.иҵ. азҵаарақәа. Араионтә ассоциациақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит атәыла анапхгареи аҭыҧантәи амчра аусбарҭақәеи рганахьала зҿлымҳара аҭахны ишыҟоу. .

Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгәеиҭеит, аинвалидцәа рганахьала иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы иахьынӡалшо ацхыраа шыҟало. «Аҳәынҭқарра шәыцхраауан, аринахысгьы ишәыцхраалоит», - иҳәеит Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org