Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳақьымцәа-офтальмологцәа рҧылара

05.06.2015

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аблачымазара змоу Аҧсны ауааҧсыра рыхәышәтәреи раҧхьатәи офтальмологиатә ҭҵаара амҩаҧгареи рзы Москвантәи иааз гәыҧҩык аҳақьымцәа рҧылара. Аиҧылара далахәын аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба, агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы Ахада иабжьагаҩ Едуардом Быҭәба.

Ахада иабжьагаҩ Едуард Быҭәба асасцәа аҳәынҭқарра ахада ирдыруа, иазгәеиҭеит урҭ аблачымазара змоу ауааҧсыра рыхәышәтәразы Аҧсныҟа ишааз. «Ари апрограмма аҳәаа иҭагӡаны иналукааша урыстәылатәи аспециалистцәа-офтальмологцәа имҩаҧыргараны иҟоуп атәыла араионқәа зегьы рыҟны аблачымазара змоу ауааҧсыра рзы раҧхьатәи офтальмологиатә ҭҵаара. Уажәы Аҧсныҟа раара аан раҧхьа Аҟәа ала ҳалагоит, нас Аҧсны араионқәа зегьы рыҟны ачымазҩцәа гәаҳҭоит»,- иҳәеит Быҭәба. Уи иҳәеит иара убас ари аусура Аҧсны Агәабзиарахьчареи аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынбеи русеицурала ишымҩаҧысуа. Н.И. Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә медицинатә университет офтальмологиа акафедра аиҳабы Игорь Медведев Ахада иеиҳәеит ачымазара раҧхьатәи аҭҵаара амҩаҧгареи уи ашьақәыргылареи рзы Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рахь аныҟәара аплан атәы. «Ари ҧышәа бзиоуп Аҧсны аус зуа аҳақьымцәа рызгьы. Иара убас ҩ-медицинатә ҵараиурҭак рхаҭарнакцәа ҳацны ишааз ала, шәара шәыспециалистцәа рдырра, рҧышәа аизырҳаразы ари лшара бзиоуп».

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ари еиҧш апроектқәа хықәкыс ишрымоу ҳмилаҭ ргәабзиара аиҕьтәразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара. «Ҳара ҳусураҟны ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп ҳтәылауаа ргәабзиара аиҕьтәра. Агәабзиарахьчара аминистрра ари аганахьала гәацҧыҳәарала аусура иаҿуп, ҳтәылауаа рыхәышәтәра ҳасаб азуны, иҷыдоу амыругақәа раахәаразы уи хазы аҧаратә хархәагақәа азкны иҳамоуп»,- иҳәеит Ахада. Рыцҳарас иҟалаз, атәылаҟны згәы бзиам ауааҧсыра ыҟоуп, урҭ агьмаҷӡам, аӡәырҩы иахьгьы атәыла анҭыҵ ҽыхәышәтәра имцар анамуа ыҟоуп, - иациҵеит иара.

Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит, ачымазарақәа раҧхьатәи рыҭҵаара ашьҭахь иаҭаху азгәаҭаны ианыҟалалак, гәҭакыс ишрымоу, аҳақьымцәа арахь иааҧхьаны аҭыҧаҟны зтехнологиаҳараку аҧҟарақәа рымҩаҧгара. «Шамахамзар, ачымазҩцәа реиҳараҩык быргцәоуп, урҭ аҳәынҭқарра анҭыҵ ацара рцәыуадаҩуп. Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи ҳаицхырааны атәыла аҩныҵҟа аҧҟарҭақәа азҳархиот жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу ахәышәтәырҭақәа рыҟны имҩаҧырго аҧҟарақәа ара рымҩаҧгаразы», - иҳәеит иара. Аҳақьымцәа русуратә визит аҳәаа иҭагӡаны иазгәаҭоуп атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аспециалистцәа рҧылареи Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа рыҟны ачымзаҩцәа рыдкылареи.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org