28.05.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ирыдиныҳәалеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәа
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
Акыр иаҧсоу аушьҭымҭацәа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәамш!
Иахьа шәара, аушьҭымҭацәа шәзы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Ҳара иаадыруеит гәырҕьарыла иҭәу ари амш шәгәы хыҭхыҭуа шәшаҧыло, ашкол аҟны аҵара ашықәсқәа зегьы рылаҧш аашәхымгаӡакәа ишышәхылаҧшуаз арҵаҩцәа, урҭ шәҭаацәа реиҧшҵәҟьа шәара шәеихьӡарақәа ишреигәырҕьоз, агәра шыргоз ишәоууа адыррақәа шәаҧхьаҟа шәзанааҭ мҩа алхраҿы ишшәыцхраауаз. Ишәхашәмыршҭлан, шәахьыҟазаалак урҭ шәара шәзы иҟарҵаз!
Иахьа ҳара ҳтәыла шьаҿа-шьаҿала аҿиара амҩа иануп. Ихацыркхаз апроцессқәа қәҿиарала анагӡара зылшо зҵариура ҳараку, азыҟаҵара бзиа змоу ауаажәларра роуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит ҳара. Ҳара ҳажәлар роуп ҳаҧхьаҟагьы ҳзықәгәыҕуа. Шәара, ҿыц игыло абиҧара ишәылшо зегьы ҟашәҵароуп ишәоууа адыррақәа Ҳаҧсадгьыл хәарҭас иаиурц азы.
Ишәзеиҕьасшьоит анасыҧ, аманшәалара, аихьӡара дуқәа! Мҩамш шәықәлааит!
Рауль Ҳаџьымба