Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Анатоли Хрулиов иҧылара

18.05.2015

Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩы Владимир Ануа Рауль Ҳаџьымба иирдырит Аҧсны Арбџьар Мчқәа Рыштаб хада аиҳабыс иаҭаразы Анатолии Хрулиов икандидатура.

«Ҳара ҳар дуӡам, аха аибашьра аамҭа хьанҭақәа раан, иара анышьақәгылазгьы убасҟан ауп, атәылахьчара шалшо аанарҧшит. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа даҽакуп, уажәы ҳҿаҧхьа иҿыцу ауснагӡатәқәа ықәҳаргылоит, уахь иаҵанакуеит Урыстәыла Аҧсни рыбжьара арратә-техникатә усеицура аҿиара иадҳәалоугьы. Шәара шәдырреи шәҧышәеи рыгәра ҳгоит», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org