Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анапхгареи аколлективи дырҧылеит

19.05.2015

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра (ААТРЕ) анапхгареи аколлективи рҧылара. Аиҧылара иалахәын иара убас Аҧыза-министр Артур Амқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа.

Ирылацәажәан ААТРЕ аҟны имҩаҧысуа аусуреи аҧхьаҟатәи аҳасабтәқәеи.

Рауль Ҳаџьымба ААТРЕ анапхгареи аколлективи ҳәоуеиқәшәарыла, алҵшәазмоу аусура аиҿкааразы ажәалагалақәа, абжьгарақәа ҟаиҵеит.

Ахада иазгәеиҭеит хаҭала ААТРЕ аҩныҵҟа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара дшахылаҧшуа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org