14.05.2015
Аҧсны Ахада лаҵарамза 13, 2015 ш. инапы рыҵаиҩит Урыстәыла аҭҵаарадырра иналукааша аусзуҩцәа "Ахьӡ-аҧша" аорден рыҭарази аҳаҭыртә хьӡы раҭәашьарази аусҧҟақәа.
Аорден "Ахьӡ-Аҧша" II аҩаӡара:
Аорден "Ахьӡ-Аҧша" III аҩаӡара:
КРЫЛОВ Алеқсандр Борис-иҧа - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, УАР Адунеитә економикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут иналукааша аусзуҩы. ,p>Аҳаҭыртә хьӡы "Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы":
ВИАТКИН Анатоли Рудольф-иҧа - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, УАР Мрагылараҭҵаара аинститут Китаи аҟәша аусзуҩы;
ПОГРЕБОВА Мариа Николаи-иҧа - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, УАР Мрагылараҭҵаара аинститут Ажәытәӡатәи Мрагылара аҭоурыхи акультуреи рыҟәша иналукааша аусзуҩы;
СКАКОВ Алеқсандр Иури-иҧа - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, УАР Мрагылараҭҵаара аинститут Агәҭатәи Азиа, Кавказ, Урал-Поволжиа аҭҵаара Ацентр аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы.
Аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧгахоит уаҵәы, лаҵарамза 15, 2015 ш.