14.05.2015
,p>Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы Рауль Ҳаџьымба дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:
«Владислав Григори-иҧа – Аҧсны Афырхаҵоуп, аҧсуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара дасимволуп».
Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы иҟаиҵаз адныҳәалара
Аҧсны Ахада
Р.Џь. Ҳаџьымба ,p>Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа! ,p>Ишәыдышәкыл Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы адныҳәалара! ,p>Владислав Григори-иҧа – Аҧсны д-Афырхаҵоуп, аҧсуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара дасимволуп.
Абри агәалашәаратә мшы аҽны Шәареи Аҧсны жәлар зегьи ишәзеиҕьасшьоит аҭынчреи аизҳазыҕьыреи!
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков
В.Сурков