Иахьа Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгоуп аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
Абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа рхәарҭахара (гәабзиаралеи профессионалтәралеи) анышьақәыргылаха, азшьаҭара аихшьалақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурахьы арратә маҵзура иахыҧхьаӡалахоит. Абыжьбатәи аҟәша хархәара зызнауаз еиҭамҵуа амазара, атранспорттә хархәагақәа, абџьар Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура иазынхоит.
Шәахәаҧш иара убас.
Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша.
Аусҧҟа
“Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәшазы”
1. Иалгазааит Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгазааит аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
3. Абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа рхәарҭахара (гәабзиаралеи профессионалтәралеи) анышьақәыргылаха, азшьаҭара аихшьалақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурахьы арратә маҵзура иахыҧхьаӡалахааит.
4. Абыжьбатәи аҟәша хархәара зызнауаз еиҭамҵуа амазара, атранспорттә хархәагақәа, абџьар Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура иазынхааит.
5. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзуреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзуреи ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала иарбоу аҧсахрақәа азгәаҭаны ашьақәырҕәҕәаразы иқәдыргылааит аилазаарақәа, аштаттә еихшанҵақәа, аныхтәқәа рхарџьынҵақәа.
6. Аҧсны афинансқәа рминистрра абыжьбатәи аҟәша аныҟәгаразы иазгәаҭаз абиуџьеттә хархәагақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурашҟа иианагааит.
7. Абри Аусҧҟа анагӡашьа ахылаҧшра идҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ.
АХАДА Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ.
Лаҵарамза 14, 2015 шықәса
№ 136