Аҧсны абыргцәа Рхеилак Ахантәаҩы Озган К.К. иахь
Ҳаҭыр зқәу Константин Константин-иҧа!
Шәымшира шәыдныҳәало, ишәзеиҕьасшьарц сҭахыуп агәамч ҕәҕәа, ҧхьаҟатәи аихьӡарақәа шәнапы злакыу ауаажәларратә усураҿы. Шәара еицырдыруа ҳәынҭқарратә усзуҩык, напхгаҩык иаҳасабала шәызнысыз амҩа иацын ахьанҭарақәа маҷымкәа, лымкаалагьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-90-тәи ашықәсқәа раан. Аҧсуа жәлар рҿаҧхьа иқәгылаз аполитикатә проблема уадаҩқәа рыӡбараан шәара иаашәырҧшуан хаҭалатәи аҭакҧхықәра.
Шәылшамҭақәа маҷым еижьрацәароу аҧсуа жәлари Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәеи реимадара арыҕәҕәара аганахьала. Акыр шықәса напхгара зышәҭо Аҧсны абыргцәа Рхеилак аҿаҧхьагьы иқәгыло азҵаарақәа рацәоуп ҳмилаҭтә ҵасқәеи, ҳдоуҳатә традициақәеи реиқәырхара аганахьала.
Даҽазныкгьы ишәзеиҕьасшьоит агәалаҟазаара бзиа, аманшәалара, агәыхәтәхьӡара!