Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Тҟәарчал ақ. аҟны аартра иазкыз ацеремониа далахәын.
Абаҟа авторцәас иамоуп Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа, Сергеи Хиба.
Аусмҩаҧгатә иалахәын иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Владислав Арӡынба иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергьениаҧҳа, Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаҧҳа, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларра.