12.05.2015
Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы иқәыргылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аҟны.
Арутиун Чакриан ибиуст шьақәыргылан 1985 шықәсазы, аха 1992-1993 ш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан ақырҭуа қәылаҩцәа аҧхасҭа ҕәҕәа арҭеит. Жәлар Реизара адепутат Левон Галустиан иаҧшьгарала, Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз афинанстә цхыраарал абиуст еиҭашьақәыргылан, иагьаартын лаҵарамза 7, ҳазҭоу ашықәсазы.
Лаҵарамза 7 рзы абиуст официалла аартра иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Валерий Бганба. Рауль Ҳаџьымба абиуст аартра ацеремониа далахәӡамызт, усҟан визитла Удмуртиатәи Ареспубликаҟны дыҟан.