Москва
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа ЖӘРАР (апавилион “Аҧсны”) 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын.
Аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи акультура-устә центри Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә
ҭынха ахьчареи рминистрреи Урыстәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражҳәара, Урыстәыла иҟоуАҧсны Ахәаахәҭратә Хаҭарнакра, москватәи аҧсуа диаспора рыцхыраарала.
Рауль Ҳаџьымбеи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа Аҧснытәи аветеранцәеи иаадыртит афотоцәыргақәҵа “Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны”. Афотоцәыргақәҵа иаҭааит шәҩыла асасцәа.
Анаҩс Аҧсны Ахадеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәеи, Аҧснытәи аделегациеи, Урыстәыла иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаҧҳаи иҟан аконцерт “Аҧсны аеҵәахәқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа рзы” аҟны. Аконцерт иалахәын Аҧснытәи аоператәи аестрадатәи шәаҳәаҩцәа, акәашаратә коллективқәа. Аконцерт ахәаҧшразы инеит ЖӘРАР асасцәа, Москва иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Аныҳәатә концерт иалахәын Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Алиса Гыцҧҳа, Альдона Цкәуаҧҳа, Елена Анқәабҧҳа, Нана Черқьезиаҧҳа, Саид Гобечиа, Баҭал Саканиа, Вилли Токарев, агәыҧ "Per4Men", Рамина Заде, аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль"Кавказ". Аконцерт амҩаҧгаҩцәас иҟан - Нина Начҟьебиаҧҳаи Саид Гобечиеи.