Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра ахьӡала аконцерт

09.05.2015


Москва

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи атәымҳәынҭқаррақәа рхадацәеи дрыцны дыҟан «Аиааира Дуӡӡа амҩала» аконцерт аҟны. Уи мҩаҧысит Ашҭа ҟаҧшь аҿы, иагьхнаркәшеит 1941–1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира аиубилеи иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа.

Аконцерт иалахәын 9 нызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа, апроессионалтә коллективқәа, ахәыҷқәа рмузыкатә ансамбльқәа, абалеттә труппақәа, акаскадиорцәа, ахорқәа жәпакы. Аконцерт аҟны дықәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи жәлар рартист, иналукааша аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмаа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org