07.05.2015
Ижевск, 10.00
Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економикатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа
Амеморандум Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада далархәны рнапы аҵарҩит: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыраҟнытә – аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Сериков; Удмуртиатәи Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) Аиҳабыраҟнытә - Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиов.