07.05.2015
Ижевск, 9.30
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭқарратә Совет адепутатцәеи ирҧылеит.
Аиҧылара далахәын Удмуртиа Ахада Алеқсандр Соловиов.
Алеқсандр Соловиов иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аҧсни Урыстәылеи шықәсырацәала ирымоу азеиҧш ҭоурых ишеиднакыло. «Иахьа ҳҳәынҭқаррақәа иеизааигәаӡоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара, Урыстәыла иқәынхо егьырҭ ауааҧсыра реиҧш, ҳазҿлымҳан аҧсуа жәлар рхақәиҭреи рхьыҧшымреи рзы имҩаҧыргоз ақәҧара. Иаҳбоит атәыла анапхгара аекономика ашьҭыхразы, атәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы имҩаҧырго аусура. Сара агәра згоит, абри аганахьала ҳҳәынҭқаррақәа ирымоу алшарақәа иеиуеиҧшым аганқәа рыҟны ҳусеицура иацхраап ҳәа», - иҳәеит Удмуртиа Ахада. Иара убас уи иазгәеиҭеит, рнапы зҵарыҩраны иҟоу Амеморандум иҷыдоу ҵакыла ихарҭәаахар, атәылақәа ирыбжьоу аекономикатә, акультуратә, ауаатәыҩсатә еимадарақәа иҿыцу аҩаӡарахь рышьҭыхра шалшо, Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа ашьақәырҕәҕәараҿы лагаламҭаны ишыҟало. .
Алеқсандр Соловиов Аҧсны аделегациа ааҧхьара риҭеит аурыс композитор дуӡӡа Пиотр Ильиа-иҧа Чаиковски ииубилеи иазкыз аусмҩаҧгатә рҽаладырхәразы.
Рауль Хаџьымба иазгәеиҭеит, ари авизит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Удмуртиеи рыбжьара феидара злоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы раҧхьатәи шьаҿаны ишыҟоу.
«Сара агәра ыҟоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа аҩ-тәылак рзы хәарҭара рыманы аҿиара шроууа аҧхьаҟагьы. Аҧсны аиҳабыреи Удмуртиатәи Ареспублика аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економкатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум – зхырхарҭа иашаны иалху акрызҵазкуа шьаҿоуп», - иҳәеит Ахада.