02.05.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧыза-министр Артур Амқәаб Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
"Шәара иеицырдыруа економиступ, аҧышәа змоу нхамҩатә усзуҩуп, напхгаҩуп. Аҧсны Аминистрцәа реилазаара шәахагылеит ҳуаажәларра аиҳабыра амчрақәа рыҟнытә атәыла аекономикаҟны аиҭакрақәеи атәылауаа рыҧсҭазаара ахаҭабзиара аиҕьтәреи ианырзыҧшу аамҭазы. Сара садгылоит акрызҵазкуа арҭ ауснагӡатәқәа еихьӡарала рынагӡаразы лакҩакрада Шәара ишәымоу агәазыҳәара".