29.04.2015
Черқьесск
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Ҟарачы-Черқьесынтәи зхатәгәаҧхарала 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызи Аҧсны иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа – «ҞЧА аҟнытә Аҧсны зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Реидгыла» алахәылаҩцәеи. Аиҧылара иалахәын ҞЧА Ахада Рашид Темрезови ареспублика аиҳабыреи.
Аиҧылара аартуа, Рашид Темрезов иҳәеит: «Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра мҩаҧысуанаҵы уи иалахәын Ҟарачы-Черқьестәылантәи иеиуеиҧшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа 150 – ҩык зхатәгәаҧхарала еибашьра ицаз ҳҵеицәа. Урҭ рахьтә 13-ҩык ҭахеит, 29-ҩык ахәрақәа роуит». Аиҧылара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит.
«Ҷыдала иазгәаҭатәуп, ҳҵеицәа адҵа роуны акәымкәа, ргәы ирыҵанаҳәан, ҳаиашьаратә жәлар ацхыраара шырҭаху агәра ганы – ари уалҧшьаны иҧхьаӡаны ауп ишгылаз Аҧсны ахьчаразы.», - иҳәеит ҞЧА Ахада. Уи иазгәеиҭеит аҧсуа жәлар иргаз аиааира акыр Владислав Арӡынба напхгара ззиуаз Аҧсны анапхгара ирыдыркылоз аӡбамҭа иашақәа ишрыбзоурахаз. Рауль Ҳаџьымба аиҧылара иалахәыз рҿаҧхьа иқәгылараҿы иҳәеит Аҧсны жәлар 1992-1993 шш. аибашьраҿы иргаз аиааираҿы рлагаламҭа шдуу зхатәгәаҧхарала иқәгылаз ҳаиашьаратә жәларқәа. Иаҵшьны иҳәеит, Аҩада Кавказ ажәларқәеи Аҧсны жәлари реизыҟазаашьа хымҧада арҕәаҕәареи аҿиареи шаҭаху.
* * *
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ауаажәларратә еиҿкаара «ҞЧА аҟнытә Аҧсны зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Реидгыла» иалахәу рҧылараҿы иқәгылара.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ҳашьцәа!
Ҩажәа шықәса реиҳауп 1992-1993 шш. рызтәи Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи. Ари аҧсуа жәлар риаӡаара ахықә аҟынӡа иназгаз, ахақәиҭразы зегьы аӡәк иеиҧш хацәынмырха иахьгылаз еибашьра хлымӡаахын. Ирҭахын Аҧсни Аҧсны жәлари рнапаҿы иааргарц. Аибашьра аҧхьатәи амшқәа инадыркны ҳажәлар рлахьынҵа аӡбара анымҩаҧысуаз, Аҩада Кавказынтәи ҳашьцәа шьхала ихыҵны иааит, иҳадгылеит. Урҭ аӡәы изҵааны имааӡеит, лассы-лассы рҭаацәагьы идмырдырӡакәа ианаауаз ыҟан. Хықәкыс ирыман – аҧсуаа рхақәиҭразы, рхьыҧшымразы рықәҧараҿы ацхыраара рыҭара. Урҭ еибашьра иааит, аҧсрагьы иацәымшәаӡеит. Иуадаҩуп ҳара усҟан, нанҳәа мзазы 1992 ш. ҳашьцәа хыҵны рнеира иаҳнаҭаз амчи агәышьҭыхреи ажәала рыхцәажәара. Ари ҳаибашьцәа аиааира шыргоз ала агәра днаргеит. Ҳашьцәа аибашьразы рхатәгәаҧхарала рықәгылара ахә ҳаракны ишьо изныкымкәа иазгәеиҭахьан ҳажәлар раҧхьагыла В. Г. Арӡынба. «Аҧсны жәлар аҧсуаа ҳаҧсадгьыл, ҳҳәынҭқарра ампыҵахалара гәҭакыс измаз ирҿагылеит, иагьрыҵамхаӡеит. Иҧшьаз ари ақәҧараҿы Харҭәаашьа амамкәа иҳауз ацәыӡқәа рыла агрессор иҿагыланы, Аҧсны иалшеит Аҧсны жәлари аҳәынҭқарреи реиқәырхара. Иахьатәи аҭоурых аҟны даҽаџьара иуҧылаӡом абас еиҧш массала хатәгәаҧхарала иааны аҧсуа жәлар рыдгыларала иҟалаз аҿырҧшы.
Аҧсны имҩаҧысуаз аибашьра иалахәын ҩнызқьҩык инареиҳаны зхатәгәаҧхарала иааны иеибашьыз. Урҭ рахьтә 51-ҩык “Аҧсны Афырхаҵа” ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, 247-ҩык - Леон Иорден, 623-ҩык “Агәымшәаразы” амедаль ранашьоуп.
Зхатәгәаҧхарала иааны иеибашьыз 260 – ҩык рахьтә 11-ҩык – ҞЧА аҟнытә Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы ақәырҵеит. Арҭ афырхацәа рыхьӡқәа ахааназы ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит.
Ҟарачы-Черқьестәылантәи зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз рыҩныҵҟа иҟоуп – Аҧсны афырхацәа ҩыџьа: абаза Муҳаммед Кьылба, Гәумысҭатәи афронт 1-тәи абригада акомандир, аҟарач Ҳасан Едиев. Леон Иорден ранашьоуп абазақәа Альберт Агиров, Олег Аргунов, Мусса Дауров, Владимир Кишмахов, Муҳаммед Шхагошев, аҟарачқәа Џьамал Болотчиев, Салим Варитлов, ачерқьесқәа Али Жужуев, Али Кетеривов, Али Кидакоев, Радик Мижаев, ауаҧс Ефрем Рубасов уҳәа уб. егь. егьырҭ ҳашьцәагьы.
Зхатәгәаҧхарала инеины иҳацеибашьыз – ҳара ҳзы ҳаиашьареи ҳакреи ирсимволны иаанхоит. Урҭ ашәышықәсақәа рыла Аҧсни Аҩада Кавкази ҭоурыхла, хылҵшьҭрала ҳаизааигәара еиҭа ишьақәдырҕәҕәеит. Зхатәгәаҧхарала инеины иҳацеибашьаз иага ҧышәара ҟаларгьы иазмырбго ашьаҭа арҳара, ауасхыр ашьҭаҵара рылшеит. Аҧсни Аҩада Кавкази рыжәларқәа риашьара ҧгара ақәымкәа еибаркуп Аҧсназы иеицкарҭәаз ашьала.
Зхатәгәаҧхарала иеибашьыз иаадырҧшит хәызмоу ауаҩытәысатә ҟазшьа бзиақәа: афырхаҵара, аиаша азықәҧара, ахамеигӡара, иузааигәоу ианиҭахха идгылара. Ҳара арҭ аҟазшьақәа ҿыц игыло абиҧарақәа рахь риагара, урҭ аиашьара, акра, аҳаҭырқәҵара рылаӡаара ҳаҳалшароуп.
Иахьа ишақәнагоу ахә ҳшьароуп зхатәгәаҧхарала иеибашьыз рылшамҭақәеи рфырхаҵареи. Ҳара аҧсуаа ҳашьцәа шәҿаҧхьа иҳаду рацәоуп. Нанҳәа 15 рзы Аҧсны иазгәаҳҭоит Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз имш. Гәдоуҭа аибашьра ашықәсқәа раан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз зхатәгәаҧхарала иеибашьыз рыхьӡала аҭӡы шьақәыргылоуп, ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны амҩақәа ирыхҵоуп зхатәгәаҧхарала иеибашьыз рыхьӡ кашәара ақәымзарц азы ахьыӡқәа.
Иахьа Аҧсны исуверентәу, ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектны иҟоуп. Ари шәареи ҳареи иеицаҳзеиҧшхаз еихьӡароуп, лшамҭоуп. Ҳара иҳадгылаз ҳашьцәа ҳтәыла аиҭашьақәыргылара, арҿиара апроцесс иалахәызар ҳҭахуп. Иахьа ҳаиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа атәыла анапхгараҿы иҟоуп, анаплакра иаҿуп, Аҧсны ари амилициеи рыҟны амаҵзура иахысуеит.
Акыр иаҳзаҧсоу хатәгәаҧхарала иҳадгылаз аибашьцәа, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыҕьара. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаашәырҧшыз афырхаҵаразы. Ҳхырхәоит иҭахаз рыхьӡала, урҭ зааӡаз аҭаацәа рҿаҧхьа. Ҟарачы-Черқьестәыла ажәлари егьырҭ Аҩада Кавказ ажәларқәа зегьи гәык-ҧсыкала ирыдыскылоит аҭынчра, аҭышәынтәалара, аҿиара, нас зегьы раҧхьа инаргыланы – акра. Ҳара ҳанеидгылоу ауп ҳаныҕәҕәо!