Рауль Ҳаџьымба даҭааит аиҭашьақәыргыларатә комплекс "Архыз"

Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови аҭааны ирбеит зыргылара ахыркәшара мҩаҧысуа зегьеидгылоутәи атуристтә-еиҭашьақәыргыларатә комплекс "Архыз". 


Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Ҟарачы-Черқьестә акурорттә ҟәша аҿиара аҩаӡара ҳаракы. Уи ҞЧА иаҭаара инаҭаз агәаанагара атәы реиҳәеит ажурналистцәа. «Избаз даара исгәаҧхеит. Агәра згарц сҭахуп ари аҧышәа ҳара ҳҟынгьы ахархәара аиуп ҳәа, Аҧсынгьы абас иҧшӡаны иҟаҳҵоит», - иҳәеит Ахада. «Аҧсны алшара рацәаны иамоуп атуризм аҿиаразы, иҟоуп амшынгьы, ашьхақәагьы. Иаҭахуп аинвестициақәеи урҭ ииашаны рхархәареи. Уи аганахьала аусура мҩаҧысуеит", - иҳәеит иара. 

Мшаҧы 29 азы иазгәаҭоуп ҞЧА аҟнытә хатәгәаҧхарала Аҧсны иеибашьуаз рҧылара, иара убас иҽалаирхәраны дыҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба игәалашәара иазкхо ахәылҧаз.


Возврат к списку