24.04.2015
Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо. Шәхьаа ҳара ибзианы иеилаҳкаауеит, избанзар иқәырхырц ирҭахыз аҧсуа жәларгьы аерман жәларгьы рлахьынҵа еиҧшуп. Шәара ишәылшеит аҟазааразы азин шшәымоу арҵабыргра. Имаҷӡам шәлагаламҭақәа ҳзеиҧш ҳәынҭқарра аргылараҿы. Агәра згоит, ҳажәларқәа ҧеиҧш бзиа шырзыҧшу. Ҳара ҳанеидгылоуп – ҳаныҕәҕәогьы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба