24.04.2015
Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа. Уи мҩаҧысит Очамчыра араион Р. Ҵәыџьба ихьӡ зху Акультура аҩнаҟны. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ианашьан “Ахьӡ-аҧша” III аҩаӡара.