Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит

25.04.2015

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит. Рауль Ҳаџьымба уи 70 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит, рыхә ҳаракны ишьеит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи. Иара убас иазгәеиҭеит аибашьҩы, хьӡи-ҧшеи змоу абаталион «Каскад» акомандир илшамҭа дуқәа. Ахада иҳәеит Гарри Бигәаа аринахысгьы ихьыҧшым ҳҳәынҭқарра аргылара аус аҟны ихәҭа шалаигало ала агәыҕра шимоу. Рауль Ҳаџьымба аиубилиар ианаишьеит агәалашәаратә ҳамҭа. Гарри Бигәаа Aҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит зҿлымҳара ииҭаз азы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org