Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит

23.04.2015

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит

Мшаҧы 23, 2015 шықәса. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит аҳәынҭқарра иахьчо Аҧсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рсиа иаҵанакуа ахыбрақәеи аргыламҭақәеи рҭагылазаашьа. Рауль Ҳаџьымба азинхьчаратә усбарҭақәа адҵа риҭеит ари аус ахылаҧшразы, ахара зду ауаа аҭакҧхықәра рыдҵаразы. Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчарази Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрра иадҵоуп абаҟақәа рыхьчара асистема аиҕьтәразы ажәалагалақәа разырхиара. Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеит Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org