Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Сааведреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурилиои Аслан Бжьаниа Аиааира амш идырныҳәалеит

30.09.2023

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

"Акыр иаԥсоу аҩыза Ахада!
Никарагуа Ареспублика ажәлари Аизыразра Аиҳабыреи рыхьӡала, хаҭала ҳара ҳҟынтә Шәаргьы ҳаиашьаратә Аԥсны жәларгьы гәы-ԥыск ала ишәыдаҳныҳәалоит ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵра арыцхә.
Ҳара иҟаҳҵаз азхаҵареи ареволиуциатә гәалаҟазаареи қәнагала, иааирала ахатәҳәаақәҵареи, амилаҭтә суверенитети, ахьыԥшымреи рзы азин иазықәԥо фырхаҵара згым аԥсуа жәлар ирызкуп.

Ишәыдышәкыл есқьынгьы иԥшьоу, зхы иақәиҭу Никарагуаҟнытә ареволиуциатә салам, ҳажәларқәеи ҳаиҳабыреи еидызкыло аиҩызареи, аидгылареи, аусеицуреи хьаҳәа-ԥаҳәарада рырӷәӷәара ҳшазхиоугьы агәра шәҳаргоит".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org