30.09.2023
Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра азгәаҭаразы иааз аделегациақәа идикылеит.
Аныҳәатә иубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп Адыгеиантәи, Ҟабарда-Балкариантәи, Ҟарачы-Черқьессиантә, Чечентәылантә, Ауада Уаԥстәылантә, Башкириантә, Ленинградтәи аобласт аҟнытә, Алада Уаԥстәыла Ареспубликаҟнытә, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҟнытә, Крым Ареспубликаҟнытә, Ленинградтәи аобласт аҟнытә аделегациақәа.
Ахада, асасцәа аԥсшәа раҳәо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны жәлар рыхьӡала: «Сара сзы гәахәароуп иахьа ара шәахьҳадгылоу. Акыр шықәса раахыс иҳашәҭоз адгыларазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иахьа Аиааира амш ныҳәа ду азгәаҳҭартә ҳҟалеит шәара шәыжәларқәа рхаҭарнакцәа ҳтәыла ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рзы ақәԥараҟны иахьҳадгылаз иабзоурангьы. Аԥсны шәара шәзы есқьынгьы агәашәқәа аартуп, шәыҩнеиԥш шәаҭаалар ҟалоит», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.