29.09.2023
Аладатәи Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев аҧшьаша ахәылбыҽха, Аҧсны Аҳәынҭқарра даҭааит Аиааира амши Ахьыҧшымреи 30 ш. рхыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц азы.
Аҧны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы ауаҧс делегациа дырҧылеит Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, иара убас аиустициа аминистр Анри Барцыц, Гагра араион Ахада Иури Ҳагәышь.
Алан Гаглоев Гагра араион Ҧсахара ақыҭан ашәҭқәа шьҭаиҵеит 1992-1933 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Алада Уаҧстәылантәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз Џьамал Сиукаеви Роберт Петров - Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рҳаҭгәынқәа рыҟны.
Алада Уаҧстәыла аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, атәылахьчара аминистр Мараҭ Павлов, Апарламент адепутатцәа.