27.09.2023
Иахьа Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш азгәарҭоит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б.Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аиҳабыра алахәцәаАԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.