Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз Мықә ашҭа даҭааит

26.09.2023

Аслан Бжьаниа Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз Мықә ашҭа даҭааит

Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭаҟны имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәа дырҭааит.

Аҭоурыхтә ҭыԥ «Мықә ашҭа» аҽырҩрақәа рымҩаԥгара Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра иазкуп.

Аицлабрақәа рыпрограммаҟны иҟан аҽырхәмарра, аҵәыршәра, аҽырыҩрақәа.  

Аҽырыҩрақәа раан (1400м, 2000м рыҩныҵҟа) аиааира згаз Қардиа Д. ианаршьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В. Арӡынба ихьӡалеи иахьа иҟоу Аԥсны Ахада А.Бжьаниа ихьӡалеи аԥхьахә. 2400 м аҟны аиааира згаз Гәаланӡиа И. ианаршьеит аҩбатәи Ахада С.Багаԥшь ихьӡала аԥхьахә.

Аҽырыҩрақәа ирызкыз аусмҩаԥгатәқәа рыҟны Аԥсны Ахада ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б.Гәынба, Аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа, араионтә Администрациа анапхгара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org