Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада М. Лашәриа изку Аиубилеитә конференциахь Адныҳәаларатә бӷьыц ишьҭит

05.09.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа М. Лашәриа изку Аиубилеитә конференциахь Адныҳәаларатә бӷьыц ишьҭит.

  Ҳаҭыр зқәу асасцәа!
Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, Аԥсны анапхгара ахьӡала бзиала иазгәашәҭалааит ҳәа шәасҳәар сҭахуп ас еиԥш иҟоу -  иналукааша аԥсуа литератор, аиҭагаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә хҭысқәа.

Ауаҩра, аамсҭашәара, аҟәыӷара, ган рацәала еибарку абаҩхатәра злоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз, ҳажәлар зегьы бзиа еицырбо, зажәеинраалақәеи зашәақәеи ҳабиԥарақәа аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа поетуп Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Аҧсуа бызшәа иаҟәну аҧшшәы, уи иаҵоу амаӡақәа есааира иаҳзаартуа, Мушьни Таииа-иҧа  аҧсуа поезиатә ҟазара ашьаҭаркҩцәа - Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба рыҩаӡара аҟынӡа ахалара илшеит ҳҳәар имыцхәхаӡом.

2023 ш. азы 60 ш. ахыҵуеит Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа реизга раҧхьатәи аҭыжьымҭа, ас еиҧш иҟоу аиубилеитә рыцхә аконференциа аусураҟны хымҧада ианыԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Илагаламҭа дуӡӡоуп Мушьни Таииа-иԥа аԥсуа литературатә критикаҟны. Сынтәа 2023 шықәсазы 50 шықәса ҵуеит  уи икритикатә статиақәа реизга «Ажәа аҳәаақәа - алитературатә-критикатә статиақуа»  ҭыҵижьҭеи.

  Иара убас иҳәатәуп Мушьни Лашәриа имҭаны аԥсуа жәлар ишроуыз Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа, иахьагьы гәыблыла инарыгӡо  иашәақәа.

Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц".  

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа ихаҭара амҽхак дуӡӡоуп.  Иахьагьы иныԥшуа аԥсҭазаара агәбылра, уи амаӡақәа рыҭҵааразы имоу агәазыҳәара ҿыцәааӡом, гәыблыла еиҳабык иаҳасабала хәы змаӡам иԥсҭазааратә ԥышәа ду ҳацеиҩишоит.  Ибаҩхатәра, идырра ҵаулақәа, игьама аҳаракыра ирыбзоураны ҳажәлар рыҩныҵҟа дцәырҵит, иахьагьы дҳалагылоуп апоет, алирик, апублицист, аредактор, арккаҩы, ауаажәларратә усзҩуы, аԥсуа жәлар рҵеи иаша – Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Гәадуроуп ҳара ҳзы ас еиԥш ауаҩы иааигәа аҟазаара. Сгәы иаанагоит аԥсуа жәлар, ҳара зегьы хаҭа-хаҭала, ҳахәҭаа алаҳгалап ҳәа Мушьни Лашәриа ирҿиаратә ҭынха ду аларҵәара, уи еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа ирызнаҳагарц азы.

Аиубилеитә конференциа иалахәу зегьы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа! Аринахысгьы аныҳәақәа еицазгәашәҭалааит!






Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org