Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Махачкала иҟалаз атҟәацра иахҟьаны иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит

15.08.2023


Даӷьысҭан Ареспублика ахада ихьӡала идәықәҵаз ашәҟәаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Алим-иԥа,
Аԥсны гәалсрыла ирыдыркылеит Махачкала абылтәыҭаҭәарҭатә станциаҟны иҟалаз атҟәацра иахҟьаны иҭахаз ирызку ажәабжь.
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәалсра дула срыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, Даӷьысҭан ареспублика ҳаиашьаратә жәлар зегьи. Ааха зауыз зегьы агәабзиара роуааит».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org