15.08.2023
Нанҳәамзәа 15 Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш аҽны ашәҭшьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟаҟны.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, араионтә Администрациа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.
Анаҩс Акультура аҩныҟны имҩаԥысит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирызку аныҳәатә митинг. Амитинг аҟны иқәгылеит аибашьра аветеранцәа, ҞБА Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла, Чечентәыла, Алада Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа. Иара убас амитинг аҟны Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Алада Уаԥстәыла Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла Ахантәаҩы Морис Санакоев Алада Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев иаацҳамҭа даԥхьеит. Аацҳамҭаҟны иҳәоуп ҳтәылақәа УА ацхыраара иабзоураны азеиԥш аӷа – Қырҭтәыла аиааира шрылшаз. «Ари ақәԥараҟны ҳаидгыларала аԥсуеи ауаԥс жәлари еиҳагьы еизааигәахеит. Ҳгәы иаанагоит иҳабжьоу аиашьареи аиҩызареи есааира иӷәӷәахалоит ҳәа, наҟ-ааҟ ҳусеицурала ҳреспубликақәа реизҳазыӷьаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит ҳәа!».
Чечентәи Ареспублика Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла Ахантәаҩы Вахид Керимов иқәгылараҟны иазгәеиҭеит дасу иҭыԥ аҟны ламысла аус иулар, ареспубликаҟны аԥсҭазаара бзиа шышьақәгыло. "Иҳалшо ала ҳаицхырааралароуп, ҳаҭыр еиқәаҳҵароуп, аха ихадараны иҟоу – милаҭеилыхрала зегьы ҳаидгылароуп», - иҳәеит иара.
Аибашьра аветеран, Ҟабарда-Балкариа хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Лихов Руслан иҳәеит: "Аибашьра хьанҭаа аан зегьы ҳаидгыланы аԥсуа жәлар рхақәиҭра аагара ҳалшеит, абри адгьыл ҭарцәны. Ҳара аиашьара жәларқәа есқьынгьы ҳаидгылазароуп» - иҳәеит иара иаҵшьны.
Цкәиа Марзакан, аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьцәа аветеранцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ахақәиҭразы ақәԥараҟны иҟарҵаз адгылара ду азы.
Аныҳәатә митинг хыркәшо, Гәдоуҭа араион Администрациа Ахада Валери Аҩӡба иҳәеит: "Актәи Ахада Владислав Арӡынба шәара хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ҳәа шәзиҳәеит. Аха ари амҩа хьанҭа ҳанеицаныс нахыс ҳара ҳаишьцәахеит, ианыуадаҩыз аамҭазы шәҳадгылеит.». Муса Шанибов иажәақәа ааганы, В. Аҩӡба иҳәеит зфырхацәа рҭоурых еиқәзырхаз рыжәларгьы еиқәдырхоит, Аԥсны афырхацәа рҭоурых еиқәырханы игыло абиԥарақәа ирыманадоит, - иҳәеит.
Анаҩс ацеремониа иалахәыз С.П. Дбар ихьӡ зху Ахьӡ-Аԥша амузеи афотоцәыргақәҵа иаҭааит. Афотоцәыргақәҵаҟны ицәырган аибашьраантәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рфотосахьақәа 350.