14.08.2023
Аԥсны Ахада 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
31 ш. раҧхьа, 1992 ш. нанҳәамза 14 рзы иалагеит аҧсуа жәлар рҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз ахҭысқәа ируакны инхаз - 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.
Аӷа мыцҳәарыла ҭынч инхоз-инҵуаз ҳажәлар дрықәлеит, рықәхра, реимҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Урҭ ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла анапхгара ирыӡбеит адипломатиа абызшәа мап ацәкны, бзарбзанлеи танклеи ҳажәлар ирацәажәарц. Иацтәи арецидивистцәа усҟан архәҭақәа рнапынҵа зырҭаз, агыгшәыгра аарҧшуа, атәыла зегьы ашьаҟьара рҽазыркит. Амилаҭ рнырҵәара, аҭынч уааҧсыра рырҳәра, ауаажәларратә мазареи амилаҭтә ҭынхеи реимҵәара Аҧсынтәыла ахи-аҵыхәеи иахыҵәеит. Аха ҳажәлар ргәы еиҭамҧеит, ҳҧыза ду Владислав Арӡынба ҳ-Аҧсадгьыл ахьчаразы иҟаиҵаз ааҧхьара иадгылеит.
Аԥсуаа реиԥш, аиашара иадгыланы иқәгылеит милаҭрацәала еилоу ҳтәыла ахаҭарнакцәа: аурысқәа, аерманцәа, абырзенцәа, ақырҭқәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Иарӷьажәҩаны иҳавагылеит Аҩадатәи Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәа, мшынцә нырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, Алада Урыстәылантә, Приднестровиантә, Ашьха Ҟарабахнтә, аӡәк еиԥш еидгыланы агрессор иқәцара рылшеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭыртәит.
Аԥсны жәлар иахҭнырҵаз рацәоуп рыԥсадгьыл аҟны аҟазааразы азин. Ишьаарҵәыраз абарҭ аибашьратә хҭысқәа раан имҩаԥысуан аӡрыжәхара ҳҳәынҭқарра, шәышықәсала иззықәԥоз аԥсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ачаԥара.
Хашҭра рықәым Аиааира Амш иахьымӡаз афырхацәа, ҳхырхәоит аиааира ҳзаазгаз
ҳветеранцәеи хьӡи-ԥшеи згым ҳажәлари рҿаԥхьа. Иагымзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынчра, еизҳазыӷьалааит.
АХАДА БЖЬАНИА А.
Аҟәа ақ. 2023 шықәса нанҳәамза 14