Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Қырҭтәыла аганахь ала иҟаҵаз агрессиа 15 ш.ахыҵра инамаданы Алада-Уаҧстәыла адгылара аиҭеит

08.08.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Қырҭтәыла аганахь ала иҟаҵаз агрессиа 15 ш.ахыҵра инамаданы Алада-Уаҧстәыла адгылара аиҭеит.

Аҧсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи ҳаиашьаратә Республика Алада-Уаҧстәыла ақырҭуа агрессорцәа анақәлаз аахыс 15 ш. аҵра амш аҽны иазгәасҭарц сҭахуп лахьеиқәрала ишҳадаҳкыло ауаҧс жәлар рзы ихлымӡаахны иҟалаз ари амш.

Қырҭтәыла анапхгара аӡбара аднакылеит раԥхьа Алада-Уаҧстәыла Ареспублика шьаҭанкыла ақәхра, анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқаррагьы.  
Ақырҭуа ган, уи аамҭазы имҩаҧысуаз  аҭынч еиҿцәажәарақәа ахахьы иаамгакәа, Алада-Уаҧстәыла аганахь ала арбџьар мчқәа рхы иадырхәеит.

Ауаҧс жәлар ргәымшәареи рфырхаҵареи иара убас Урыстәыла Афедерациа анапхгара аганахь ала имҩаԥгаз аусеиҿкаареи ирыбзоураны аиҿагылара аанкылара алыршахеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара иазааргеит, ҩ-республикак риашьаратә жәларқәа ақәӡааразы иҟаз ашәарҭара иацәыхьчан.

Аҧсынтәыла иахьа ари аибашьра иалаӡыз ргәалашәара мҩаԥыргоит, ауаҧс жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит.  
Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала иҭабуп ахаҳәаауеит Алада - Уаҧстәыла Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи адгылара ахьрынаҭаз азы.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭа аамҭа уадаҩ иҭагылоуп, атәыла анапхгареи аурыс жәлари ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳшазхиоу атәы ҳҳәоит.

Агәыӷра ҳамоуп, ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа уаҳа иҟаларым ҳәа, ҳауаажәлар аҭынч ҧсҭазаареи аизҳазыӷьареи рҧеиҧшхап ҳәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org