Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа идикылеит

28.07.2023

Ахада Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа идикылеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа идикылеит.

Аиҧылараҟны ирылацәажәеит аекономика, адәныҟатәи, аҩныҵҟатәи аполитика уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла  аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыҧсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа.

Аиҧылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит адиаспореи аҭоурыхтә ҧсадгьыли реимадара иамоу аҵак ду. Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит Аҧсны анапхгара инарыгӡо апроектқәа инарҵауланы ирдыруазарц шырҭаху, иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспора акультуратә центрқәа русуразы адырра Аҧсны анапхгара аҟынӡа анагара ишазхиоу.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзааҭгылеит Аҧсны асоциал-економикатә ҿиареи актуалра злоу азҵаарақәеи, аҳаиртә еимадара аартреи апартаментқәа рзинтә статуси убрахь иналаҵаны.

Аҳәынҭқарра Ахада адиаспора ахаҭарнакцәа  апроектқәа ирыдҳәаланы иззааҭгылаз азҵаарақәа инарҭбааны дрыхцәажәеит. Адиаспора ахаҭарнакцәа Ахада иарҳәеит ҳџьынџьуаа рыҩныҵҟа арҭ апроектқәа ирыдҳәаланы ашәара шыҟоу, Аҧсадгьыл аҭира аҟынӡа агәаанагарақәа шрызцәырҵуа.

Аҧсуа Федерациа Ахада Мураҭ Махариа иаартны иҳәеит апартаментқәа рзы азакәан апроект иадҳәалоу аилыркаагатә бӷьыц иану шырзымдыруа.  "Иҟоу аимак-аиҿак сарааҧсеит. Аҧхьаҟа сцәажәарақәа зегьы аҧкаанҵа  ианысҵалоит, сгәы иҭоуп ателехәаҧшрала сықәгыларц, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧиго аполитика адгылара шасҭо азы аҳәамҭагьы ҟасҵоит",- иҳәеит Махариа, насгьы иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа зегь, раҧхьа иргыланы, рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны аҭынчра ашьақәгылареи, акзаареи ишазгәышьуа.

Аҳәынҭқарра Ахада ҳџьынџьуаа агәра диргеит ирызцәырҵуа ашәара шҵаҵӷәыдоу, убри аан иазгәеиҭеит, ажәлар ралхыҩцәеи иареи азакәан апроект алацәажәара мҩаҧыргараны ишыҟоу.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ари азакәанапроект еиуеиҧшым аҭыҧқәа рыҟны ацәажәарақәа зегьы ишырхысхьоу, апарламент адепутатцәа рахь инеиаанӡа. Убри аан Ахада иазгәеиҭеит, адепутатцәа аҭагылазаашьа шрымоу арҽеирақәа ралагаларазы. "Шәара шәажәалагалақәа, хымҧада, ҳарзыӡырҩуеит", - иҳәеит иара. Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит атәымуаа адгьыл раархәаразы ацәажәара шыҟам, иагьшыҟамло.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы адиаспора ахаҭарнакцәа еицҿакны иазгәарҭеит, ажәлар иалырхыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада еснагь ишидгылоз, аҧхьаҟагьы ишидгыло.

Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Анапхгаҩы   Мураҭ  Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәа Емиҭ  АҭейбеиУмиҭ Ашәбеи.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аԥҵан 2010 шықәсазы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org