20.04.2015
Мшаҧы 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа. Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили. Аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба. Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Рауль Ҳаџьымба ҷыдала иазгәеиҭеит Ареспублика Науру Аҧсны азхаҵаразы ирыдыркылаз ақәҵара.
«Ари ашьаҿа ҳара ҳзы аҵак ду амоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы аҿиара шроууа. Ҳгәы иахәеит Аҧсны аҭааразы аамҭа ахьышәыҧшааз», - иҳәеит Ахада. Уи иазгәеиҭеит, ҳара ҳтәылақәа шдуумгьы, ҳаизыҟазаашьақәа жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ашьақәгылара шрылшо. «Исҭахуп Науру ажәлари шәтәыла анапхгареи ҳажәлар рыҟнытә аҭынчра аизҳазыҕьара рзеиҕьашәшьарц, иара убас Науру Ахада Аҧсны иаҭаара ҳшеигәырҕьо»,- иҳәеит иара.
Адеанг Давид Уаиау Ахада иҭабуп ҳәа иаҳәо, атәылаҿы иибаз инаҭаз агәахәара атәы далацәажәеит. Уи дахцәажәеит иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҧылара аихшьала атәы. Аиҧылараҿы ирылацәажәан ҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра Хада, визадатәи аҭагылазаашьазы Аиқәшаҳаҭра, иара убас адәныҟатәи аполитикаҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. «Ҳара зҿлымҳара аҭаны ҳазнеиуеит адәныҟаполитикатә усеицура аҧеиҧш, ҳагьазыҧшуп ҳтәылақәа русеицура арҭбаара иацхрааразы Науру ахаҭарнак Аҧсны иқәыргылара». Науру Ахада ихаҭыҧуаҩы иҳәеит ишеиликаауа ахьыҧшымра мҩа ылызхыз атәыла хәыҷы аҟны иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит, Ареспублика Науру Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ишалахәугьы, есқьынгьы Урыстәылатәи Афедерациа ишадгыло, насгьы Қырҭтәыла иаҧшьнаго ИАР иобиективтәым аӡбарақәа ишырҿагыло. Аиҧылараҿы иара убас ирылацәажәан акультура, аспорт, аҿар рполитикаҟны аусеицура азҵаарақәа.