30.06.2023
Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даҧылеит.
Амшын-ныҟәаратә лаинер "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раҧхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Алаинер иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа. Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы ашьыжь ахәашаҽны абаӷәаза даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи издызкыло амаҵзурақәа русура шеиҿкаау атәы дазҵааит. Ахада ицын Адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо, Ҭемыр Ахьиба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. --
Ахада аҳәаахьчаратәи аҳазалахратәи еилазаарақәа русзуҩцәа драцәажәеит. «Инамыцхәны атуристцәа рганахьала азҵаатәқәа рықәыргылара ҟамлааит. Излауала аамсҭашәала, ламысла, уаҩышәала шәрызныҟәала», - иҳәеит Ахада. Уи аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа иреиҳәеит аоперативтә ҵакы змоу аинформациа урыстәылатәи аколлегацәа алархәны ишырыӡбалаша атәы.
Ахада амшын ныҟәаратә лаинер ачарҭган ахь дхалеит, ЗҲӘА «Амшынеиқәатә ныҟәарақәа» адиректор хада Александр Ткаченко иҳәеит Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара аусуҩцәеи аҳәаахьчаратәи аҳазалахратәи контроль азы аусеицураҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи инарымаданы азҵаарақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵоу атәы.