Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара амш иазку агәаларшәагатә рыцхә азгәарҭеит

21.06.2023

Аԥсны Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара амш иазку агәаларшәагатә рыцхә азгәарҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа-аԥсуа еиҿагылара аҭыԥ аҟны Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә мчқәа аналагалаз аахижьҭеи 29 шықәса аҵра амш инамаданы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар Мчқәа рыруаа Аԥсны шықәсырацәала аҭынчра аиқәырхареи аибашьра аиҭахацмыркреи рыҟны инарыгӡо ароль.

«1994 шықәса рашәарамза 21 азы абжьаршьҭыхлатәи ақырҭуа-аԥсуа еиҿагылара аҭыԥ аҟны иалагалан абжьаҟазаратә мчқәа. Уи иабзоураны Аԥсны арратә хҭысқәа реиҭахацыркра ацәцара алыршан.
14 шықәса инарзынаԥшуа ақырҭуа ган аҟнытә изныкымкәа апровокациақәа шыҟазгьы, Урыстәыла Арбџьар Мчқәа ралгара азҵаара шықәыргылазгьы абжьаҟазаратә миссиа анапынҵа анагӡара мҩаԥысуан. Абжьаҟазаратә усура иалахәын 30 нызқьҩык рҟынӡа урыстәылатәи абжьаҟазацәа, урҭ рахьтә 117-ҩык ҭахеит.

Иахьа ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит аҭынчра аиқәырхаразы зхы иамеигӡаз, иҭахаз абжьаҟазауаа. УА АМ аҟнытә абжьаҟазаратә  мчқәа ихадароу ароль нарыгӡеит аибашьра аанкылареи аԥхьаҟагьы аимак арӷыӷкра алмыршареи рзы.

Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит аибашьцәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз аҭаацәарақәа! Ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызара еихаҳалахааит есааира. Хашҭра рықәым ҳадгьыл аҟны аҭынчреи аизҳазыӷьареи рахь инагоу амҩа аартра зылшаз абжьаҟазауаа», - аҳәоит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ааԥхьараҟны.

1994 ш. инаркны 2008 шықәсанӡа аҭынчра аиқәырхара иазкыз амиссиа назыгӡаз УА Арбџьар мчқәа рыруаа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, АА Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа.



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org