Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

15.06.2023

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идныҳәаларатә шәҟәы Аҧсны  Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара  амаҵзура  амш.
Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аҧҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит  Аҧсны  Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара.
Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра,  ҭакҧхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы  аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рылоуп Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа.

Ргәалашәара ҳацуп змаҵзуратә уал анагӡаараан иҭахаз аусзуҩцәа. Аҳәынҭқарреи аҧсуа жәлари рыхьӡала иаадырԥшуаз ахачҳареи ахамеигӡара хашҭра рықәӡам.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәеи аофицарцәеи рыжәҩа иқәуп аус ҷыда - ҭакҧхықәрала рмаҵзура азнеира, аҳәынҭқарреи анапхгареи ршәарҭадара ахьчара.

Шәзанааҭтә ныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит набыцра амамкәа имҩаԥыжәго аусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәусураҿы аихьӡарақәа!"
--


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org