15.06.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи анаплакҩы Михаил Сыҷынааи алента ҟаԥшь хырҵәеит, «Амшынеиқәа абырлаш» аартра хацдыркит.
Аҳәынҭқарра Ахада адныҳәалара ҟаҵо, иаҵшьны иҳәеит ари Очамчыра араион азы мацара акәымкәа, Аԥсны зегьы азы аҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.
«Аҟәа инаркны Егрынӡа аиԥш зеиԥшу асасааирҭа ыҟаӡам иахьазы. 70-тәи ашықәсқәа рзы излагаз асасааирҭа аргылара акыр шықәса раахыс иаанкыланы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны. Ҳара ари аусура хҳаркәшеит: ҳаамҭазтәи атехнологиақәа инарықәыршәаны иргылоу иагьеиҭашьақәыргылоу 16 еихагыла змоу асасааирҭа иаднакылар алшоит 700-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа.
«Амшынеиқәа абырлаш» аартра Мрагыларатәи Аԥсны атуристцәа радԥхьалара алнаршоит. Зымҽхак ҭбаау ари апроект аҭыԥантәи ауааԥсыра аусурҭа ҭыԥқәа рнаҭоит, абиуџьет ахарҭәаара ицхраауеит.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәоит аинвесторцәа, аишьцәа Сыҷынаа. Иҳәатәуп, арҭ Аԥсны ишатәу, ҳџьынџьуаа ишреиуоу. Дара ирыбзоураны ари акомплекс аиҭеира алыршахеит. Урҭ иара убас Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа аиҿкаараҟны аҭыԥантәи администрациа ацхыраара арҭеит. Агәра згоит ари ахҭыс Мрагыларатәи Аԥсны арҿиара ишацхраауа, аԥхьаҟагьы ас еиԥш аргыларақәа, апроектқәа рынагӡара шалыршахо. Ари ҿырԥшы бзиоуп аԥсуа бизнес ахаҭарнакцәа рзы аинвестициақәа рганахь адагьы, асоциалтә ҭакԥхықәреи апатриотизми рызгьы», - иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа Сыҷынаа Михаил Рушьбеи-иԥа «Ахьӡ-аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Михаил Сыҷынаа иҳәеит агәабзиарачаԥарҭатә центр аиҭашьақәыргылара Аԥсны Ахада ишаԥшьигаз. «Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министри иҟарҵаз адгыларала ари зегьы анагӡара алыршахеит. Лассы-лассы иааилон, адгылара ҳарҭалон», - иҳәеит анаплакҩы.