Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Роберт Киут аколлектив дыдирдырит

14.06.2023

Аслан Бжьаниа  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Роберт Киут аколлектив дыдирдырит

Иахьа аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара аминистр  ҿыц Роберт Киут дыдирдырит.

"Сгәы иаанагоит  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц амаҵзурахьы инеира хьаада имҩаҧысып ҳәа. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа а
зыӡбақәак идикыларым ҳәа. Сгәыӷуеит аҵыхәтәантәи хышықәса раахыс иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирыцҵаны аҿиара роуп ҳәа",- иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәылаҟны аҭагылазаашьа шымариам. "Хаз  игоу хырхарҭақәак рыла иҟоу алҵшәақәа шыцәгьамгьы, ауаажәларра ирҭахуп азинхьчаратә усбарҭақәа иааидкыланы, иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аусура иҵегьы еиӷьзарц",- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ахада, иара убас, Вальтер Быҭәба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаҧигаз аусуразы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org