Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

12.06.2023

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш. Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу атәыла иқәынхо, уи акультура беиеи ашәышықәсақәа зхыҵуа атрадициақәеи ҳаҭыр ззақәу, уи асоциалтәи аекономикатәи лшара арӷәӷәараҟны злагаламҭа ыҟоу, адунеитә аренаҟны уи ахьчаразы игылоу урыстәылаа зегьы еиднакылоит.  

Хьӡи-ԥшеи згым Урыстәыла аҭоурых азгәдуреи апатриотизмреи рзы аҵаҵӷәы рацәа рнаҭоит уи иқәынхо дарбанзаалак.

Урыстәыла иалҵит адунеи зегьы еицырдыруа аҵарауаа дуқәа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, иароуп акосмос раԥхьа знапаҿы иаазгаз.

Урыстәылеи Аԥсни шәышықәсала ишьақәгылоз аиҩызареи агәылеимабзиареи шьаҭас измоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Сгәы иаанагоит, урҭ аԥхьаҟагьы аидгылара ҟазшьа рыманы иҿиалоит ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, Урыстәыла ажәлар зегьы нашәыдкыланы, ари аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыӷьара».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org