Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Новаки реиԥылара

09.06.2023

Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Новаки реиԥылара

Имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Новаки реиԥылара.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аҧсныҟа. Даара сеигәырӷьоит иахьа  ҳтәыла шәахьаҭааз. Аҧсны анапхгареи ҳтәылауааи Шәара шәаара агәыӷра дуқәа адырҳәалоит, избан акәзар шәареи ҳареи хра злоу азҵаарақәа ҳрылацәажәоижьҭеи маҷ ҵӡом. Сара агәра згоит, шәаара Шәаргьы саргьы ҳнапы злаку азҵаарақәа рыӡбара аус ишацхраауа. Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит Аҧсныҟа», - иҳәеит Ахада, асас аҧсшәа иаҳәо.

Алеқсандр Новак аҳәынҭқарра Ахада Аҧсныҟа ааҧхьара ахьииҭаз азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.  «Афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы злахәыз ҳделегациа   ашҟа иашәырҧшыз азҿлымҳарееи аҧхарра зҵоу аиҧылареи рзы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Аҧсны - ҳара ҳастратегиатә партниоруп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, адәныҟаполитикатә усураҟнеиҧш, ахәаахәҭра - економикатә усеицура арҿиара аганахьалагьы. Ҳара ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп, иахьа ҳаимадарақәа активла аҿиара иаҿуп. Аԥсны аекономика, аҩныҵҟатәи азеиԥш аалыҵгьы аизырҳара мҩаԥысуеит. Иара убас, Урыстәыла финансла ацхыраара ҟанаҵоит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡаразы, афинанстә ҭышәынтәалара алыршаразы.  
Ахәаахәҭра - економикатә еикәшара аиҳара иаҿуп: ҵыҧхтәи ашықәс ала уи  73% рыла иазҳаит. Сара иҵегьы алшарақәа ыҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыҟны. Раҧхьа иргыланы, атуризм аусхк аҟны,  аинвестициатә проект ҿыцқәа рыҟны, урҭ арахь аҧсшьаҩцәа радыҧхьаларазы  инагӡазар алшоит. Ари иара убас аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара ауп, хыҧхьаӡара рацәала  аҧсшьаҩцәа раара алыршаразы, аҿиара иаҿу асоциалтә усхк. Уи ауаа рыҧсҭазаара аиӷьтәреи ҳажәларқәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьа бзиақәа аԥхьаҟагьы рырҿиареи зылшо хырхарҭоуп аҟнытә ацхыраара аҭазароуп», - иҳәеит  Новак. Уи иаҵшьны иазгәеиҭеит иахьа  урыстәылатәи аделегациа аара абри хықәкыс ишамоу.

Аслан Бжьаниа, иара убасгьы иазгәеиҭеит, урыстәылатәи аиҳабыратә делегациа Аҧсныҟа раара Аҧсны атәылауаа зегьы рганахьала азҿлымҳара ду шамоу. «Аҧсшьараамҭа алагамҭазы аусуратә гәалаҟазаара ҳамоуп, ҳазлацәажәо апроектқәа аусура иалагар ҳҭахуп. Ахәҭак ҟаҳҵахьеит, иаанхаз ахәҭа ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп. Аҳаиртә еимадара аусура иаҳзаларгар, ари аус иадҳәалоу ауаа зегьы Аҧсны атәылауаа рзы аԥааимбарҵас ирыхәаԥшлоит, убриаҟара аҵак ду амоуп ҳара ҳзы»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org