Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥылара

30.05.2023

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥылара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Амитинг аихшьалақәа рыла, аҳәынҭқарра Ахада арезолиуциа изнагаразы аоппозициа ахаҭарнакцәас иқәдыргылеит Вианор Ашба, Ҭемыр Гәлиа, Саид Быҭәба.

Ахада аоппозициа иқәнаргылаз азҵаарақәа иаҳаит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп Александр Анқәаб напхгара зиҭо аиҳабыра ԥхьатәара рышьҭра.
Аха аҳәынҭқарра Ахада аиҳабыра ԥхьатәара рышьҭра иҵаҵӷәыркны мап ацәикит.

Иажәахә аҟны Ахада иҳәеит:

«Еизаз атәылауаа зегьы ҳаҭыр рықәысҵоит, ари амитинг еиҿызкааз сара сакәӡам, аҟнытә аԥхьатәара ашьҭразы ажәалагала сыдыскылаӡом.
Иаԥҵоуп ареформақәа рзы ахеилак, азҵаарақәа ҳрылацәажәоит, ашәҟәқәа ҳаууеит, иҳашьҭуеит АЖӘЕ-и егьырҭ аиҿкаарақәеи  рышҟа. Ареформақәа рзы аусура иацҵахоит. Уи шәаргьы шәҽалашәырхәыр ибзиоуп.
Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара ахәаахәҭра азин ахы ақәиҭтәра иазку адҵа аԥыхразы азыӡба рыдыркылеит ҳминистррақәа, уи Аԥсны атәылауаа ритнересқәа ирықәшәоит. Қырҭтәыла аекономика адгылара аҳҭоит ҳәа агәаанагара иашаӡам. Ареспублика иаларгалоит ҳтәылауаа рзы зыда ԥсыхәа ыҟам атауар ахә феиданы. Сара, аҳәынҭқарра анапхгаҩы иаҳасабала, акы алазгалозар, сыжәлар ирҭаху сазхәыцны иҟасҵоит, насгьы уи шәаны-изаны сазнеиуеит.
Афымцамч апроблема апартаментқәа ртема адҳәалара иашаӡам. Арҭ зынӡа ихаз-хазу темақәоуп. Иахьа агазгольдерқәа рышьақәыргылара алзыршо азакәанқәа раԥҵара ҟалоит.

Иара убас амратә батареиақәа рыла 20 нызқь ԥшьыркца метра зҵазкуа анхарҭа ҩны азы фымцала аиқәыршәареи аӡырши рсистема 70 миллион мааҭ иаԥсахартә атехнологиақәа разырхиара ҟалоит. Ари иаанаго, ԥшьыркца метрацыԥхьаӡа 3500 мааҭ роуп иаҭаххо. Иҟоуп уи азы атехнологиақәа, убри аҟнытә уи ҳфымцамчтә система иаԥырхагахаӡом. Иара убас иҳамоуп агазыркра апрограмма. Агаз ԥхаррала аиқәыршәара зылшо даҽа цхыраагӡак аҳасабала аҟаҵара ҳгәы иҭоуп.
Ари еилызкаарц зҭаху инарҭбааны аҭҵааразы иахәаԥшырц рылшоит Ахада Иадминистрациаҟны ишьҭоу адокумент.

  Пицундазы Аиқәшаҳаҭра атәы ҳҳәозар, уи макьана ишьақәырӷәӷәаӡам. Ари азҵаара ҳажәлар иалырхыз ауаа– Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рнапы иануп.
Апарт-отельқәа рызҵаара иара убас Апарламент иадуп. Ари азакәанапроект раԥхьа иргыланы економикатәуп, уи шәарҭарак ацзар, ҳзакәанԥҵаратә усбарҭа анахәаԥшуа, ианрыдыркыло ҳасаб азыруеит».
Ахада иара убас аоппозициа арезолиуциа егьырҭ апунктқәагьы инарҭбааны иҵаҵӷәиркит.
  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org