Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсни Урыстәылеи иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара

16.05.2023

Имҩаԥысит  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсни Урыстәылеи иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсни Урыстәылеи иҟоу Венесуела  Ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара.  

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусура аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа ирызкхоит ҳәа игәы ишаанаго, иара убас ҩ-жәларык реимадара арӷәӷәара ишацхраауа
  «Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы аҵак ду амоуп Венесуела аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада Уго Чавес Фриас Аԥсны азхаҵараҟны илагаламҭа. «Аԥсны жәлар ҳаҭырла дыргәаладыршәоит Венесуела ажәлар рҵеи иаша, раԥхьагыла Уго Чавес Фриас», - иҳәеит иара.
  
   Ацҳаражәҳәаҩ Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит асасдкыларазы. «Иахьатәи аусмҩаԥгатә сара сзы ҭагылазаашьа бзиоуп ара аҟазааразы, Аԥсны жәлар ҳаҭырла ҳшырзыҟоу аарԥшразы. Ҳара ҳдацқәа зыԥсҭазаара зегьы ахақәиҭра иазызкыз, зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ауаа рҟынтә иаауеит. Ҳара ҳдипломатиа ажәларқәа ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин ҳаҭыр ақәҵара иазкуп», - иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ. Иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи дышрықәгәыӷуа. «Ара сара аҩны сыҟоушәа збоит», - иазгәеиҭеит иара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org