Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит

14.05.2023

Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит

Иахьа, лаҵарамза 14 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, "Ахьӡ-Аҧша" аорден  I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 ш. аҵра амш инамаданы Алада Ешыра ақыҭаҿы Амемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаҧысит.

Аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ  Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара _Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Беслан Џьопуа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ашәарҭадара Амаҵзура  амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабырауаа, апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org