Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иадминистрациаҟны имҩаԥысит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиҧылара

11.05.2023

Ахада Иадминистрациаҟны имҩаԥысит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиҧылара

Иахьа Ахада Иадминистрациаҿы Рауль Лолуа ихантәаҩрала имҩаҧысит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиҧылара.

Аиҧылараҟны ирылацәажәан аоппозициатә еиҿкаарақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара рахь иқәдыргыло азҵаара хадақәа.

Аоппозициа ззаҭгыло атезисқәа аекономика-социалтә усхк, агәабзиарахьчара, атәылахьчара, адәныҟатәи аполитика, афымцамч, аҳәаанырцәынтәи аинвестициақәа, аиҳабыра раргамара уҳәа ирызкын.

Пунктцыԥхьаӡа хәҭа-хәҭала, ҵаҵӷәыркрала ирызнеин, Аминистрцәа реилазаара алахәцәа ражәахәқәа ирзыӡырҩын, анаҩс  Амассатә информациатә хархәагақәа  ирыҭан рыларҵәаразы.

Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа ахаҭарнакцәа, Аминистрцәа реилазаара алахәцәа, атәыла аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҧсны еиуеиҧшым аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org