Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

09.05.2023

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи  Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит хаҭала Шәареи Урыстәыла ауаажәларреи зегьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 78 ш. ахыҵра амш.

Иахьа ҳара ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраҿы иаиааиз, анемец фашистцәа рҟынтәи зыжәларқәа рхақәиҭреи рхьыԥшымреи зыхьчаз аибашьцәа, урҭ ԥсра зқәым рыбзырӡы наунагӡа иаҳҳәалоит.

Ҳарҭ ахә ҳаракны иаҳшьоит зыԥсадгьыл афашизм иацәызыхьчоз асовет еибашьцәа, ауаажәларра рфырхаҵареи, ргәамчи.

Аԥсны ҳаҭырла иргәаладыршәоит аибашьцәа ицаз афырхацәа рфырхаҵара атәы, урҭ рахьтә аӡәырҩы рыҩныҟақәа рахь еибганы изыхнымҳәит.

Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ргәалашәара ҳауаажәлар реиҩызараатә еизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит. Аиааира Ду Аԥсни Урыстәылеи реидгылареи реиҩызареи ирсимволны наунагӡа иаанхааит!"


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org