09.05.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аиааира ду 78 ш. ахыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит хаҭала Шәареи Урыстәыла ауаажәларреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 78 ш. ахыҵра.
Ари амш адунеизегьтәи аҭоурых ианылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны асовет солдаҭцәа анемец фашистцәа ирҿагыланы рықәԥараҿы аиааира аныргаз иамшны.
Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит асовет солдаҭцәеи атыл аҟны аџьа збози рфырхаҵаратә хҭысқәа. Асовет жәлар зегьы ракзаареи ҳзеиԥш Ԥсадгьыл ахьчаразы ахықәки ирыбзоурахеит афашизм ақәхреи адунеи атәра ацәыхьчареи иацхрааит.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Ду аҟны Аиааира агара ҿырԥшы бзиоуп аиашьаратә жәларқәа зегьы реидгылара арӷәӷәаразы.
Зегьы ҳзы иԥшьоу Аиааира Ду амш азы азин сышәҭозар, Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны ақәҿиарақәа!"